Jul 17, 2013 11:51
Амаҭа лыхьӡ шырҧшааз
Ҧшреи- сахьалеи деинаалан,
Ҟазшьалагьы уи днаалан...
Урҭқәа смаҭа илзыҧшуп,
"Наала" лыхьӡзарц сҭахуп!
Деигәырҕьаны иҳәоит абду,
Аха иамалкуеит анду:
- Ус хамҳәаргьы, деинаалоуп!
Лыбла - хьыбла ҭыҧхароуп,
Ус анакәха,иӡбатәуп
"Хьыбла" лыхьӡзарц сҭахуп!
Деигәырҕьаны илҳәоит анду
Аха имамеикуеит абду.
Дрықәшаҳаҭхом аб иаҳәшьа
Реимак иамаӡам ҟазшьа.
Ус аҧшқа гәазҳарага.
Ашә ахьынтә амырхәага
Лыбла инҭаҷҷан, даанарҧшит,
Аимак змазгьы неиҿаҧшит.
Амра даҧшааит ахала
Амра лыхьӡыз хаҭала! -
Ахҩык ирҭақәаз еиқәшәеит,
Реимак уаҟа аҵахәа ҧҵәеит.
Амра шеишеи уҧхала,
Амра хәыҷы бызҳала!
Б. Шьынқәба
Язык